Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Сергеи Семион-иԥа!
Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала Шәаргьы Москва иқәынхо ауааԥсырагьы гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ақалақь амш.
Ақалақь Москва – ганрацәала еибыҭоу, урыстәылатәи аҳәынҭқарратәра, адоуҳа, акультура символс ирымоу қалақь дуӡӡоуп. Ашәышықәсақәа раахыс абаҩхатәрақәа зыдзыԥхьалоз, аидеиақәеи аихьӡара дуқәеи ирцентрны иҟан, иахьа уи қәҿиарала аҿиареи аҭоурыхтә ҭынха аиқәырхареи зылшо ҿырԥшыга бзианы иҟоуп.
Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп иналукааша Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа ируаку, Москвеи Аԥсни ирыбжьоу акрызҵазкуа аиамадарақәа. Москва ҳара акыр шықәса раахыс ҳтәыла аҿиаразы аҵак ду змоу ганрацәалатәи адгылара ҳнаҭоит.
Асоциал-економикатә, акультуратә, агуманитартә усхкқәа рыҟны ҳусеицура традициала ишьақәгылаз ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иацхраауеит, даҽа ҵакык алагьы иханарҭәаауеит.
Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Москва иаҳнаҭо азҿлымҳареи ацхыраареи, Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҟны уи алагаламҭа.
Ҳаҭыр зқәу Сергеи Семион-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа шәнапы злаку аусқәа рыҟны, Москва иқәынхо ауааԥсыра – ахирра, аҭынчра, аизҳазыӷьара».