Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу ахадацәа,
Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Ахьыԥшымра амш!
Ари аныҳәа символра азнауеит никарагуатәи ажәлар ахақәиҭреи ахатәҳәаақәҵаразы ирымоу азини рзы фырхаҵарала имҩаԥыргоз ақәԥара. Уи Аԥсны жәларгьы ирзааигәоу аиашара аидеиалқәеи ахьыԥшымреи рыцәхьамҵра иазҳәоуп.
Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит Аԥсни Никарагәеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа, аҵак ду арҭоит аԥхьаҟатәи ҳусеицура арӷәӷәара.
Ҳаҭыр зқәу ахадацәа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа ҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә усураҟны, Никарагуа ажәлар - аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара».