Print this page
сегодня 20:02

Акриптовалиута амаининг азы аппаратқәа ааба рыԥшааит Мархьаул ақыҭан.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Акриптовалиута амаининг азы аппаратқәа ааба рыԥшааит Мархьаул ақыҭан.

Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа акриптовалиута арҳара иазку ҩ-обиектк рыԥшааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Афымцацәаҳәа иаҿыхыз ф-аппаратк рыԥшааит Ешба имҩала игылоу Бессарион Булискериа ихатәы ҩны аҿы, ҩ-аппаратк – Арра-Аҟәатәи амҩала игылоу, Ашоҭ Торосиан ихатәыҩны аҿы, ҳәа адырра ҟарҵоит Аҩныҵҟатәи аусқәа министрраҟны.   

Ирымырхыз аиқәыршәагақәа Аԥсны Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭа ахь идәықәҵоуп.


Read 26 times