Print this page
вчера 11:35

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ареспублика Ҭаҭарсҭан аԥыза-министр Уасил Шаихразиев зхадараҿы дыҟоу аделегациа идикылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ҭаҭарсҭанынтәи аделегациа идикылеит. Аиԥылара иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, акультура аминистр Даур Ақаҩба. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Ирылацәажәеит Аԥсни Ҭаҭарсҭани рыбжьара акультура аусхк аҟны аусеицура иазку азҵаарақәа.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит акыршықәсалатәи  аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иамоу аҵакы, иара убас иаҵшьны иҳәеит Аԥсны аибашьра ашықәсқәа раани урҭ рышьҭахьи Ҭаҭарсҭан иҟанаҵаз ацхыраара ҳаҭыр шақәырҵо.  

Аиԥылараан аҳәынҭқарра Ахада иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә маҵзурахьы иеиҭалхра инамаданы, Ҭаҭарсҭан Ареспублика ахада Рустам Минниханов ихьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит.

«Алхрақәа рылҵшәа иаанарԥшит Рустам Минниханов Ҭаҭарсҭан ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәра, аекономикеи асоциалтә усхки рыҿиара иазку иусура ахырхарҭа ареспублика ауааԥсыра адгылара шарҭо атәы», —иҳәеит Гәынба Бадра.

Ҭаҭарсҭан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Уасил Шаихразиев иҭабуп ахиҳәааит аԥхарра зҵаз адкылареи аусеицуреи.

«Ҳара ҳзы аҵак ду амоуп акультуратә еимадарақәа, Аԥсни Ҭаҭарсҭани рырҿиаратә коллективқәа рыбжьара агастрольқәа реиҿкаара аус, Аԥснеиԥш, Ҭаҭарсҭангьы имҩаԥысуа афестивальқәеи афорумқәеи рыҽрылархәра», — иҳәеит Уасил Шаихразиев.

 

 


Read 30 times