Афинансқәа рминистр Саид Гәыбаз иажәақәа рыла, Москватәи афинанстә форум — ари афинанс-економикатә усура азҵаарақәа ирызку апрофессионалтә дискуссиақәа рзы иуникалу плошьадкоуп.
«Ари аплошьадка аҿы афинанстә ситема арӷәӷәара, иԥхьагылоу атехнологиақәа ралагалареи ацифратә економика аҿиареи, уҳәа ирыдҳәалоу актуалра зло азҵаарақәа инарҭбааны рылацәажәаразы зеиӷьаҟам алшарарақәа аԥҵоуп. Ҷыдала ахшыҩзышьҭара аҭахоит ашәахтә политика ихадоу ахырхарҭақәа, абиуџьетбжьаратәи аизыҟазаашьақәа, аамҭарацәа зҵазкуа афинанстә инструментқәа, иара убас афинанстә хылаԥшра асистема иадҳәалоу азҵаарақәа», – ҳәа иазгәеиҭеит Саид Гәыбаз.