Агәаҭарақәа ирхысит аҳазалхратә ҭыԥ «Аҟәа», иара убас аҳазалхратә ҭыԥ «Акцизатә» аппарат хада аусзуҩцәа.
Агәаҭарақәа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахыбра аҩныҵҟа имҩаԥыргеит ареспубликатә наркологиатә диспансер алаборантцәа. Урҭ ахылаԥшра рырҭон Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭаразы Аусбарҭа аусзуҩцәеи ахатә шәарҭадара аҟәша аусзуҩцәеи.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа агәаҭарақәа ирылагаанӡа ахатәы еилазаара рахь ихы рханы дара мызқәак шыбжьаз агәаҭара шымҩаԥгахо азы адырра рыҭан ҳәа иазгәеиҭеит.
«Иахьа апагонқәа ныҟәызго аструктурақәа рхаҭарнакцәа зегьы агәаҭарақәа ирхысхьеит. Иахьа зегьы иҳаҳауа, аҳәынҭқарратә структурақәа рҿы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа здызкыло ауаа ыҟоуп ҳәа иҟоу ацәажәарақәа ҳасаб азуны, ҳара аиԥш-зеиԥшу аҭагылазаашьақәа рыцәцара ҳҽазаҳшәоит. Ари ииашаны имҩаԥысуа аусмҩаԥгатә ауп, избан акәзар уи иҟоу ацәажәарақәа шҵаҵӷәыдоу аанарԥшуеит. Шәааи ари апроцесс аҿы ҳҽырԥшыганы ҳҟалап, ишахәҭоу ала уи наҳагӡап», – ҳәа иҳәеит Оҭар Хьециа.
Агәаҭара Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба инапынҵала «Аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә усбарҭақәа рҿы анаркотикатәи арҩышьыгатәи амаҭәашьарқәа рыдкыларазы ихымԥадатәиу агәаҭарақәа рымҩаԥгаразы» лаҵарамза 21, 2015 шықәса рзы иҭыжьыз аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара инақәыршәаны имҩаԥысуеит. Уи иара убас «Ареспублика Аԥсны аҳазалхратә усбарҭақәа рҿы амаҵзура азы» ԥхынҷкәынмза 28, 1999 шықәсазы иҭыжьыз Ареспублика Аԥсны Азакәани абҵарамза 2, 2017 шықәсазы Ареспублика Аԥсны Ахада ишьақәирӷәӷәаз «Аҳазалхратә маҵзура алеишәатә ԥҟаԥҵәеи» рынагӡара хықәкыс иҟаҵаны имҩаԥысуеит.