Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи аиҩызареи аусеицуреи рзы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра 20 шықәса ахыҵит
Иахьа, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи ирыбжьарҵаз аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра 20 шықәса ахыҵит. 2005 шықәса цәыббра 19 рзы Цхинвал ақалақь аҿы анапы зҵарҩыз ари аҭоурыхтә документ ҳажәларқәеи ҳҳәынҭқаррақәеи рыбжьара аиашьара, аицхыраара, аусеицура ирымоу аҭоурыхтә традициақәа шьақәнарӷәӷәеит.
Аиқәшаҳаҭра ҩганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы изакәантә шьаҭаны иҟалеит, уи аполитикатә, аекономикатә, акультуратә аспектқәа аҵанакит. Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа иара шьаҭас измоу 40 инареиҳаны аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵеит, урҭ аусеицураз ихадоу ахырхарҭақәа еиҿыркаауеит, ашәарҭадара, аекономика, аҵарадырра, аҳәынҭқарратә хьчара русхкқәагьы абрахь иналаҵаны.
2005 шықәсазы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ажәларқәа рхьыԥшымреи жәларбжьаратәи разхаҵареи рзы рықәԥара иацнаҵеит.
«Агәра ганы ҳаҟоуп аринахысгьы ганрацәалатәи аусеицура арҭбаареи анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа хымԥада рынагӡареи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыжәларқәа рыбзазара арӷәӷәара ишацхраауаз», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа атекст аҿы.