Print this page
19.Цәыббра.2025

Аҟәа имҩаԥысит арратә парад арепетициа.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿаԥхьа 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  32- шықәса ахыҵра иазку арратә парад арепетициа мҩаԥысит. 

Атәылахьчара Аминистрра арратә зыҟаҵара Аусбарҭа аиҳабы Беслан Мышәба Аԥсны Ахьыԥшымреи Аиааиреи Рымш аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит:

«Традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, есышықәса ҳара апарад амҩаԥгара ҳҽазыҟаҳҵоит. Сынтәа ҳара иазгәаҳҭоит Аиааира 32-шықәса ахыҵра. Апарадтә гәыԥқәа ҩымз рҽазыҟарҵон. Ҳара иаҳзаанхеит даҽа ҩ-ҽазыҟаҵарак амҩаԥгара.  Арепетициа Хада мҩаԥгахоит цәыббрамза 29, асааҭ  16:00 рзы», –ҳәа иҳәеит иара.

Апарад рхы аладырхәраны иҟоуп 700-ҩык инарзынаԥшуа – Аԥсны Арбџьармчқәа рыруаа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи урыстәылатәи абыжьбатәи арратә базеи рыруааи.   


Read 155 times