Print this page
19.Цәыббра.2025

Цхьынвал ақалақь аҿы Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика раԥхьатәи абанкнота аӡыргара мҩаԥысит.

Аҟәа.  Цәыббрамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Зыхәԥсаҵәҟьа  100 зарина рҟынӡа инаӡо абанкнота аӡыргара мҩаԥысит Цхьынвал,  I Жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аӡыргара ихы алаирхәит Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба. Абанкнота адгалара мҩаԥнагеит Аахыҵ Уаԥстәыла Амилаҭтә Банк. Апроект 2024 шықәсазы Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада ила  иаԥшьган, уи анагӡара алыршахеит урыстәылатәи анаплакы «Гознак» алархәны.   

Абанкнота атираж 20 нызықь екземплиар рҟынӡа инаӡоит.

Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Иусԥҟала, амедаль «Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәыла аԥҵара 35-шықәса ахыҵра иазкны» ажәларқәа рыбжьара аусеицура арҿиара аҿы илагалазы ианашьахеит Аԥсны Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.


Read 117 times