Print this page
19.Цәыббра.2025

Едуард Быҭәба ангиографиатә маҵзура ахыбра аргылара амҩаԥысшьа гәеиҭеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ангиографиатә маҵзура ахыбра аргылашьа шымҩаԥысуа гәеиҭеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аминистрра апресс-маҵзура.  

Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аиҳабы Дамир Гамсаниа аминистр изаамҭанытәиу аусура амҩаԥысшьа азы адырра ииҭеит.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ерик Ҳаҭхәа ангиографиатә маҵзуреи ангиографиа аппарати рҿы аус зуло аспециалистцәа разыҟаҵара шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит.

Едуард Быҭәба иара убас Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы аинтенсивтә терапиа апалата даҭааны игәеиҭеит. Аааигәа агәабзиарахьчара Аминистрра апалата азы арыԥҳақәа рыҩныҵҟа аҳауеиҭныԥсахларазы аппарат, афымцакардиографқәа ҩба, адефибриллиатор, афункциарацәа назыгӡо адиагностикатә аппарат, уҳәа амедицинатә маругақәа аанахәеит.

Едуард Быҭәба, иарбоу аиқәыршәага ҿыцқәа аҳақьымцәа русура арманшәалареи апациентцәа амедицинатә цхыраара рыҭара аҩаӡара ашьҭыхреи алдыршароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.


Read 142 times