Print this page
20.Цәыббра.2025

Жәларбжьаратәи аекономкатә форум «Аахыҵ Уаԥстәыла. Аинвестициақәа рылаԥшҳәаа» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа рыҵаҩра мҩаԥысит.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Гәынба Бадра аекономкатә форум «Аахыҵ Уаԥстәыла. Аинвестициақәа рылаԥшҳәаа» аҳәаақәа ирҭагӡаны аиқәшаҳаҭрақәа рыҵаҩра иазкыз ацеремониа далахәын.

Афорум аҟны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реиҳабырақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа ирыҵаҩын.  

Атауарқәа рылахәаахәҭра арежим азы Аиқәшаҳаҭреи  Аинвестициатә усхк аҟны аусеицура амҩаԥгаразы Аиқәшаҳаҭреи ирыҵарҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистр Ҭемраз Амқәаби Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика аекономикатә ҿиара аминистр Сармат Котаеви.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банки Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика Амилаҭтә банки рыбжьара Аиқәшаҳаҭра иаҵарҩит абанкқәа рхантәаҩцәа Беслан Бараҭелиеи Сослан Бекоеви.

Аҳҭнықалақьқәа рыбжьара аиашьаратә еимадарақәа рышьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра иаҵарҩит Аҟәа ақалақь администрациа ахада Ҭемыр Агрбеи Цхьынвал ақалақь администрациа ахада Алан Габараеви.

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иара убас даҭааны ибеит Аахыҵ Уаԥстәыла ааглыхратә наплакқәа рпавилионқәа рекспозициақәаеи урҭ иҭрыжьуа аалыҵи.

Аԥсны Ахада Гәынба Бадра афорум апленартә еилатәара далахәын. 

Афорум иалахәын хыԥхьаӡара рацәала амчхаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аинвесторцәа, анаплакҩцәа, еиуеиԥшым атәылақәа рыҟнытә аекспертцәа. 

Афорум аҟны ирылацәажәеит аинвестициатә проектқәа, атәылақәа рыбжьара аимадарақәа рырӷәӷәара азҵаарақәа, иара убас абанктә система, атуризм, ақыҭанхамҩа аҿиара азҵаарақәа. Аусмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны  апроектқәа рцәыргақәҵа еиҿкаан.  

 


Read 146 times - Ашәахьа, 22 Цәыббра 2025 16:14