Бадра Гәынба иара изы ҳаҭыр дууп ари аҳамҭа ҳарак аиура, уи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ирыбжьоу аиҩызыреи аиашьаратә еизыҟазаашьқәеи ахаангьы имбго рышьаҭа символра азнауеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Прочитано 395 раз. Последнее изменение 22.09.2025.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Иусԥҟа инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба – Ареспублика Аԥсни Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аусеицуреи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи рыҿиара аус аҿы хаҭала илагала ду азы иреиҳау аҳамҭақәа иреиуоу – Аиҩызара Аорден ианашьахеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.