Традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, асасцәа ауаԥстәи ачашәқәа, ашәаҳәареи акәашареи рыла ирԥылеит. Аныҳәа аҿы асасцәа ирыдыргалон еиуеиԥшым амилаҭтә чысхкқәа, иара убас Аахыҵ Уаԥстәыла араионқәа зегьы рҟынтәи ажәлар рнапҟазацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа еиҿкаахеит.
Акультуратә программа арҿиаратә коллективқәа инарыгӡоз амилаҭтә шәаҳәареи акәашарақәеи рыла ишьақәгылан.
Цхьынвал ақалақь апавилион аҭаараан Бадра Гәынба ҳаҭыр зқәу асасцәа ирыдыргалаз ауаԥс чашә иагәылаз аԥараҿырпы иқәшәеит. Традициала уи аманшәалареи аизҳазыӷьареи иазкуп.
Аԥсны Ахада аныҳәа ауаԥс жәлар рмилаҭтә ҷыдаҟазшьара, рҟазара, рысасдкылара шьахә, рдац-ԥашә ахь ирымоу аҳаҭырқәҵара зеиӷьаҟам ала иаанарԥшит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.