Print this page
вчера 12:44

Жәлар Реизара - Апарламент Станислав Лакоба иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаша Ашәба Аԥсны Жәлар Реизара–Апарламент адепутатцәа рыхьӡала Лакоба Станислав Зосим-иԥа иԥсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.

«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа рыхьӡала Лакоба Станислав Зосим-иԥа иԥсҭазаара иалҵра инамаданы гәалсра дула срыдышшылоит иуацәеи иҭынхацәеи.

 Лакоба Станислав Зосим-иԥа Аԥсны ахи-аҵыхәеи еицырдыруа, ауаа хатәрақәа зегьы иаарылыҳҳәоз хаҭаран. Станислав Лакоба ихьӡ иадҳәалоуп ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи Аԥсны аҳәынҭқарратә ргылареи ирызкыз аамҭақәа.

Станислав Зосим-иԥа иҟазшьан хьаҳәа-ԥаҳәарада игәаанагара аартны аҳәара, ари иҩызцәагьы иоппонентцәагьы рганахьала аҳаҭырқәҵара даԥсаны дҟарҵеит. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет – Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс (1991–1996), Аԥсны Аҳәынҭқарра  Иреиҳаӡоу Асовет амаӡаныҟәгаҩыс даныҟаз имҩаԥигаз аусура.

Станислав Зосим-иԥа акыр шықәса аус иуан иара убас аҭҵаарадырреи аҵараиуреи русхк аҟны. Ганрацәала еибаркыз абаҩхатәра, арҿиаратә ҟыбаҩ бзиа змаз уаҩык иаҳасабала Аԥсны Аҳәынҭқарраҟнеиԥш уи анҭыҵгьы инарҭбааны деицырдыруан. Аҵарауаҩ-кавказҭҵааҩы иаҳасбала, аԥсадгьыл абзиабара знубаалоз алитературатә аԥҵамҭақәа, Аԥсны аҭоурых иазкыз арҵага шәҟәқәа, хыԥхьаӡара рацәала аҭҵарадырратә усумҭақәа  дравторын.

Иԥсҭазаара зегьы хамеигӡарада жәларбжьаратәи аренаҟны ҳтәыла апозициақәа рышьақәырӷәӷәара иазкын. Уи ауп изызкызгьы уи иҭҵаарадырратә усумҭақәа, аҳәаанырцә дзыԥхьоз илекциақәа, иара убас дызлахәыз еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа, аконференциақәа. 

Станислав Зосим-иԥа дыздыруаз зегьы ҳаҭыр ақәырҵон, ахә ҳаракны иршьон ихәыцшьа, идунеидкылашьа, ихымҩаԥгашьа, даҽакы иаламҩашьоз, зегьы иаарылукаауаз иҟаз ирҿиарагьы.

Станислав Лакоба Станислава Зосим-иԥа ипрфессионализм, илаз аҭакԥхықәра, ауаҩытәҩсатә ҟазшьаҷыдарақәа дыздыруаз, аус ицызуаз рзы аԥхьаҟа  иҿырԥшыганы инхоит.

Цәыӡ дууп зегьы ҳзы ас еиԥш ауаҩ хатәра иаамҭаӡакәа иԥсҭазаара иалҵра. Лакоба Станислав Зосим-иԥа игәалашәара лаша рыцзаауеит ахааназы уи иҭынхацәа, хыԥхьаӡара рацәала иҩызцәа, иколлегацәа. 

 

 

 


Read 70 times - Аҩаша, 23 Цәыббра 2025 01:14