Print this page
вчера 9:18

Гагра инхо ҩыџьа ахацәа рганахьала аусеилыргара хацыркуп.

Аҟәа.  Цәыббрамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусеилыргаратә ҟәша Гагра ақалақь аҿы инхо,  1997 шықәса рзы ииз Беииа Роман Павел-иԥеи 2000 шықәса рзы ииз Мишелиа Ҭемыр Сулико-иԥеи рганахьала ихацыркыз аусеилыргара мҩаԥнагоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Роман Беииеи Ҭемыр Мишелиеи,  амбжьахра аарԥшны, анаԥшратә плошьадка «Мамзышьха» апериметр ала ишьақәыргылоу адәахьтәи анаԥшразы акамерақәа ԥшьба иреихсны рыҽӡаны аҭыԥ аҟынтәи ицеит.

Рхымҩаԥгашьала дара иарбоу акамерақәа зтәыз афирма «Система» азарал ду арҭеит. Уи аицҵалыҵ ааизакны 93.250 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Амилициа аусзуҩцәа рыла иаанкылаз Роман Беиа иганахьала ҭакрала ахьырхәра идҵоуп. Ҭемыр Мишелиа иакәзар, уи иԥшаара хацыркуп.


Read 44 times - Аҩаша, 23 Цәыббра 2025 01:58