Print this page
вчера 9:36

Аҟәатәи акоманда карате WKF ала «Витали Вольф игәалашәаразы Ахраҿа агаразы» атурнир аҿы аиааира агеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит карате WKF азы «Витали Вольф игәалашәара Ахраҿа агаразы» иаарту Ареспубликатә турнир. Аицлабра еиднакылеит ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи 100 ҩык инарзынаԥшуа алахәылацәа, иара убас Башкортосҭантәи асасцәеи. Аиндаҭларақәа мҩаԥысуан ҩ-татами рҿы х-дисциплинак рыла: ката, кумите, иара убас киктест.

Атурнир аӡбаҩ хадас дықәгылеит ареспубликатә категориа змоу аспорттә аӡбаҩ Сергеи Демианов. Иара убас атурнир аҿы аӡбаҩцәас иҟан актәи акатегориа змоу аӡбаҩ Гоча Гогохиеи аҩбатәи акатегориа змоу аӡбаҩ Ника Наҟоԥиеи.

Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла ахьтәы медалқәа рхыԥхьаӡара ала актәи аҭыԥ ааннакылеит Аҟәа ақалақь акоманда, аҩбатәи аҭыԥ аҿы иҟоуп Гал акоманда, ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит Очамчыра араион Акәасқьа ақыҭантәи акоманда ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Атурнир Аолимпиатә карате WKF аԥҟарақәеи аолимпиатә системеи рыла имҩаԥысуеит.


Read 39 times