Print this page
вчера 8:06

Агәабзиарахьчара Аминистрра: Станислав Лакоба иԥшәмаԥҳәыс лгәабзиара аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит.

Аҟәа.  Цәыббрамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба цәыббрамза 20 рзы машәырла иҭахаз Станислав Лакоба иԥшәмаԥҳәыс лгәабзиара аҭагылазаашьазы Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит.

«Аԥҳәыс лҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит. Лара илызуз аԥҟара ашьҭахь Ареспубликатә хәышәтәырҭа ареанимациатә ҟәша аҿы дышьҭоуп. Лхы лдыруеит. Лгәабзиара аҭагылазаашьа илхылгаз аԥҟара аамҭа иашьашәалоуп. Иахәҭоу амедицинатә цхыраара зегьы инагӡаны илоуеит», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба инапынҵала иаҭахханы иҟалар апациентка анаҩс лыхәышәтәразы Аԥсны анҭыҵ, Урыстәылатәи Афедерациа амедусбарҭақәа руак ахь дыиагахоит.


Read 48 times