«Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликеи ҳареи анапхгарақәа рыҩаӡареи ахылаԥшырҭақәа рыҩаӡареи рҿы аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьаҳҵахьеит, ҳколлегацәеи ҳареи иара убас атранспорт-логистикатә еимадарақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа аус рыдааулоит. Ҳаԥхьаҟа, ҳәарада аҳаиреимадара азҵаара шьҭаҳхраны ҳаҟоуп, избан акәзар Дамаск аҳаирбаӷәаза аус ауеит», – ҳәа иҳәеит аминистр.
Ҭеимраз Амқәаб агәра ганы дыҟоуп, Аԥсни Шьамтәылеи ишиашоу амшынла аимадара рыбжьаҵара аҩганк рзы феида аланы ишыҟало.
Аԥсны аекономика аминистрра ахада Аԥсны ахаҭарнакцәа злахәыз 62-тәи Жәларбжьаратәи дамассктәи ахәаахәҭра-цәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны Шьамтәыла атуризм, акультура, аекономикеи ахәаахәҭреи рминистрцәа реиҿцәажәарақәа мҩаԥысит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит 2018 шықәсазы, уи ашьҭахь атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеит.