Print this page
23.Цәыббра.2025

Аҟазара аиҭарҿиара: Аҟәа иаатуеит ирҿыцу Ацәыргақәҵатә зал Хада.

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Ԥшьнызықь инарзынаԥшуа асахьақәа ахьалаблыз, ахыбра аҿыԥшыларатә гани актәи аихагылеи  мацара аанзыжьыз, ажьырныҳәамза, 2024 шықәсазы иҟалаз абылра ашьҭахь еиҭашьақәыргылаз Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал Хада раԥхьатәи аҭааҩцәа аднакылараны иҟоуп жьҭаарамза  1 азы. Аргылаҩцәа ахыбра ашьҭахьтәи ахәҭа зегьы еиҭашьақәдыргылеит, иуадаҩыз ахыбратә усурақәа мҩаԥыргеит, иара убас аҩныҵҟатәи аусурақәа нарыгӡеит. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла амаӡаныҟәгаҩ Хьыбла Ҵәыџьԥҳа «Аԥсныпресс» акорреспондент диҿцәажәо Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы аргыларатә усурақәа рышьҭахь иҟоу аиҭакрақәа ртәы еиҭалҳәеит.  

Иҿыцу аҵакыреи архитектура аелементқәеи

«Абылра ҟалаанӡа агалереиа афондқәеи аҵәахырҭеи ахьыҟаз аҩбатәи аихагыла аҿы ицәырҵит иҿыцу ацәыргақәҵатә зал», — ҳәа иазгәалҭеит Хьыбла Ҵәыџьԥҳа. Уи лажәа иацҵо иазгәалҭеит агалереиа аартра ацеремониа абраҟа ишымҩаԥысуа.

Азал ҿыц аҿы алекциақәа рысмҩаԥгара ҟалоит, избан акәзар уи акустикатә системеи апроектори рыла еиқәыршәоуп. Азали атехникатә уадеи рыбжьара иҟоу ахоллгьы убасҵәҟьа ацәыргақәҵатә ҵакыра аҳасабала ахархәара аиур алшоит.

Иара убас, аҭыӡқәа рыфрагметқәа раарԥшразы аӡбамҭа ахьрыдыркылаз инамаданы, аҭааҩцәа ирбар алшоит архитектура аҭоурыхтә елеменқәа. Уи ахыбра аҩныҵҟа иҷыдоу атмосфера аԥнаҵоит.  

Ҳаамҭа иақәшәо атехникатә еиқәыршәара

Хьыбла Ҵәыџьԥҳа лажәақәа рыла, Ацәыргақәҵатә зал Хада  азалқәа рҿы аҳауа аԥхарра, ацәаакыра, абылратә шәарҭадара ахылаԥшра аҭара иазку аиқәыршәагақәа  шьақәыргылоуп, уи аҟазара арҿиамҭақәа рыхьчара алнаршоит.

Азалқәа зегьы рҿы апрофессионалтә арлашагатә приборқәа аҿакуп. Амонтаж аан ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан афымцатә шәарҭадара, уи азы иашьашәалоу аелектроника шьақәыргылоуп.

«Аладатәи ажәҩан аҵаҟа»

Аԥсны иазку актәи ацәыргақәҵа «Аладатәи ажҩан аҵаҟа» аекспозициа аҟны ицәыргахоит Алеқсандр Деинеки Никанор Чернецови русумҭақәеи Бахрушин ихьӡ зху атеатралтә музеи аҟынтәи иаагаз  аҳ Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе итеатралтә ескизқәеи. Аҩбатәи аихагыла аҿы имҩаԥгахоит ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа.

 

 

 

 

 


Read 109 times - Ахаша, 24 Цәыббра 2025 15:29