Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, амҩадуқәак рҿы аныҟәара еиҭашьақәыргылоуп, аха апроблема инагӡаны аӡбаразы мҽхакыҭбаалатәи аусурақәеи афинанстә цхыраареи рҭахуп.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аиҳарак ааха зауз амҩақәа - Подгорнаиа, Вавилов, иара убас Синоптәи аҩхаа.
Араион ахада Алхас Ҷыҭанаа аҭыԥантәи ауааԥсыра дрыҿцәажәеит, урҭ атәылауаҩратә ҭакԥхықәра ҳаракы аарԥшны ирылшо ала аиҭашьақәыргыларатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхара ишазхиоу рҳәеит.
Аҟәа ақалақь Ахадара амҩатә усурақәа рымҩаԥгаразы ихымԥадатәиу аргыларатә материалқәа рзоужьра азы аӡбамҭа аднакылеит, аҭыԥантәи ауааԥсыра ракәзар, урҭ аиҭашьақәыргыларатә усмҩаԥгатәқәа рыхәҭак рынагӡаразы аҭакԥхықәра рхахьы иргеит. Уи иабзоураны амшцәгьақәа рыхҟьаԥҟьақәа рықәгара апроцесс еиҳа ирласны ихыркәшахоит.
Араион ахадара аргыларатә маҭәахәқәа рзоунажьуеит ааха зауз аҭыԥқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы. Уи адагьы, аинерттә маҭәахәқәа рыла ацхыраара ҟаиҵоит Даур Ҭыжәба (Киалашәырстәи ааглыхратә Еилазаара). Араион Ахадара адгылара ҟазҵо зегьы иҭабуп ҳәа рарҳәоит.
Иара убас ақыҭаҿы ацхыраара рыҭахоит амшцәгьа иахҟьаны зыҩнқәа аԥхасҭа аиуз анхацәагьы.