Print this page
24.Цәыббра.2025

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзуреи амаҵзуратә автомашьынақәа рыла адырраҟаҵага ҷыдақәа рхархәараан азинеилагарақәа аадырԥшит.

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Амҩатә ԥҟарақәеи аццакратә режими рықәныҟәара зегьы ирыԥхықәроуп, уи ӷәӷәала ахылаԥшразы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа анапынҵа риҭеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба. Аҳәықнҭқарра Ахада ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭеит анапхгараҭара иатәу амаҵзуратә машьынақәа рыла изакәанымкәа адырраҟаҵага ҷыдақәа рхархәара иадҳәалоу афактқәа.  

Ас еиԥш иҟоу афактқәа раарԥшра иазырхан аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзуреи еицымҩаԥыргаз иҷыдоу ареидтә усмҩаԥгатәқәа.

Азинхьчаҩцәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭон амҩатә ԥҟарақәа еилазго амашьынақәа – азакәан ззин ҟанамҵо адырраҟаҵага ҷыдақәеи аԥхьатәи асаркьақәа рҭырлашьцаагақәеи рхархәара.  Иаарԥшыз азинеилагарақәа зегьы иара аҭыԥ аҿы ирҽеин. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа иажәақәа рыла, ҩ-машьынак рҿы азакәан ззин ҟанамҵо аҭырлашьцаагақәа аԥхьатәи асаркьақәа рҿы ирыман, урҭ амхуп. Аҽа ҩ-машьынак изакәанымкәа адырраҟаҵага ҷыдақәа рықәгылан, урҭгьы ықәхуп. Иара убас аминистррақәа рнапхгаҩцәа аҽа ҩ-машьынак асеиԥш иҟоу адырга ҷыдақәа амашьынақәа ирықәырхит.

Ареидтә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥысра хаҭала ахылаԥшра арҭон аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиути Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Нарсоу Гәынбеи.  

Амчратә структурақәа рнапхгаҩцәа иазгәарҭоит еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҿы аус зуа ачынуаа рхатә хымҩаԥгашьа ала амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәара аҿырԥштәы аадырԥшлароуп ҳәа иазгәарҭоит.  

Цәыббрамза 23 рзы имҩаԥгаз ареид аан зынӡа аҳәынҭқарратә автомашьынатә номерқәа змоу, аҳәынҭдырга асериа «ААА» иаҵанакуа 14 машьына аанкылан.

Иаарԥшыз азинеилагарақәа зегьы рзы адыррақәа реизгара иалагахьеит. Еизгахо адыррақәа атәыла анапхгара ирыҭахоит.

Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵо анапынҵақәа зегьы хаҭалатәи ахылаԥшра рымоуп, урҭ ишьақәыргылоу аамҭа иалагӡаны инагӡахоит.

 

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/home/novosti/item/17426-mvd-sovmestno-gso-vyyavili-ryad-narushenij-pri-ispolzovanii-sluzhebnymi-avtomobilyami-spetsoborudovaniya.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 106 times