Print this page
вчера 1:40

Аҟәа ахақәиҭтәра амш 32-шықәса ахыҵра азгәарҭоит цәыббрамза 27 рзы.

Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 27 рзы Аҟәа ақалақь Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭра амш  32 шықәса ахыҵуеит. Ари амш аҽны Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгахоит агәаларшәагатәи аныҳәатәи аусмҩаԥгатәқәа жәпакы.

Асааҭ 08:00 - 16:00 рзы – аквест-еиԥхныҩлара «Агәабзиарахь ашьаҿа – Диоскураа рымҩала» мҩаԥгахоит Аҟәа ақалақь аҿы (астарт – Ахақәиҭра ашҭа аҟынтәи, афиниш – аихамҩатә станциа Гәыма аҿы).

Асааҭ 10:00 рзы – Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Ахьӡ Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шш. рзы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит.

Асааҭ 11:00 рзы – Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра иазкны традициала еиҿкаахо анапылампыл азы иаарту атурнир «Аҟәа Ахраҿа» (С. У.Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы).

Асааҭ 11:00 рзы  – Т.Шамба ихьӡ зху апарк аҿы имҩаԥгахоит агәырҿыхагатә усмҩаԥгатәқәа.

Асааҭ 11:00 рзы – Аҟәа ахақәиҭтәра Амш иазкны имҩаԥгахоит ахәыҷтәы шахматтә турнир (А.Карпов ихьӡ зху Аҟәатәи ахәыҷтәы шахматтә школ аҿы).

Асааҭ 12:00 рзы – 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа ркомандақәа рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы аиҩызаратә матч мҩаԥгахоит.  (Аинрал С.Дбар ихьӡ зху амҩала иҟоу ашьапылампыл-маҷ адәы аҿы).

Асааҭ 12:00 рзы – Ахақәиҭра Ашҭаҿы имҩаԥгахоит арра-патриоттә усмҩаԥгатә  Аиааира ашьҭрамдаҩцәа».

Асааҭ 15:00 рзы – аконцерттә программа «Ахәрашәа, ахәра зырӷьо». Ахақәиҭра Ашҭаҿы 413-ҩык – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра шаҟа мшы ицоз аҟара ашколхәыҷқәа рхыԥхьаӡара злаху ахор ақәгылара мҩаԥгахоит.  

Асааҭ 15:00 рзы – Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа иҟоу апарк аҿы ахыци ахәымпали рыла ахысразы аицлабра мҩаԥгахоит (Диоскураа Рыԥшаҳәа ала).   

Асааҭ 17:30 рзы – «Апоезиа адгьылбжьаха» мҩаԥгахоит Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа иҟоу апарк аҿы (Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа ала).

Асааҭ 18:00 рзы  – Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа иҟоу апарк аҿы  аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит. (Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа ала).

Асааҭ 20:00 рзы – иҟалоит аныҳәатә феиерверк.   

 

 

 

 


Read 97 times