Print this page
вчера 1:43

Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш иазку аныҳәатә умҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит Аԥсны, цәыббрамза 30 рзы.

Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш. Ари амш аҽны Аҟәа ақалақь аҿы еиуеиԥшым агәаларшәагатәи аныҳәатәи аусмҩаԥгатәқәа жәпакы мҩаԥгахоит. Убас:

Асааҭ 10:00 рзы - Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иҟоу 1992-1993шш. Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Аԥсны жәлар Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит.

Асааҭ 11:30 рзы –Ахьӡ-Аԥша апарк аҿаԥхьа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра  аҿы Аиааира агара Амш 32-шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы арратә парад агәыԥқәа ацәаҳәа рықәыргылара, анаҩс  Арратә паради «Ԥсра зқәым архәҭеи» мҩаԥысуеит.  

Асааҭ 12:30 рзы  – Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит.

Асааҭ 14:00 рзы – – Очамчыра араион Џьгьиарда ақыҭан Аԥсны Аҩбатәи Ахада С.У.Багаԥшь Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит.

Асааҭ 18:30 рзы  – С.Иа.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа иҟоу аплошьад аҿы аҳәынҭқарратә арҿиаратә коллективқәеи аԥсуа естрада артистцәеи злаху аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит.

 

 

 


Read 100 times