Print this page
25.Цәыббра.2025

Лаша Ашәбеи Анас Кьышьмариеи ауаҩы, атәылауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи азакәкнԥҵаратәи апрактикатәи аиқәыршәара азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Ареспублика Аԥсны Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу иофис даҭааит.

Аомбудсмен Анас Кьышьмариа аспикер напхгара зылҭо аусбарҭа инанагӡо аусуреи Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат ахь иадҵаало ауаа аиҳарак ирымоу апроблемақәеи ртәы изеиҭалҳәеит. Лара иара убас жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҿиареи аԥсны-урыстәылатәи аусеицура арӷәӷәареи иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәалҭеит.

Лаша Ашәбеи Анас Кьышьмариеи ауаҩы, атәылауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи азакәкнԥҵаратәи апрактикатәи аиқәыршәара азҵаарақәа ирлацәажәеит.

Апарламент Аиҳабы «Апарламенти ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу аинститути рыбжьара ишьақәгылаз аусеицура атәылауаҩ ихақәиҭреи изинқәеи реиқәыршәаразы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа рыдкылара ишацхраауа» азы агәрагара ааирԥшит.


Read 77 times - Ахәаша, 26 Цәыббра 2025 17:16