Аԥсуа ар ахәҭақәак аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ажәыларатә операциа амҩаԥгараан Аҟәатәи ашьха ала идәықәлеит. Аԥсуа еибашьцәа аӡәырҩы Аҟәа ақалақь уахьналалоз иҭахеит, мышқәак рышьҭахь иҟалаз, акыр иззыԥшыз Аиааира Амш аҟынӡа изымнеикәа.
Араҟа ишьақәыргылоуп аҩбатәи абригада 2-тәи абаталиони 2-тәи арезервтә баталиоони аибашьцәа рбаҟа.
Арахь, есышықәса, Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш аҽны афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц ихалоит аҳҭнықалақь Ахадара анапхгараҭара ахаҭарнакцәеи аветеранцәеи.