Print this page
27.Цәыббра.2025

Аҟәа ақалақь аҿы инхо ахаҵа зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭиразы ахара идҵоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы Аусбарҭа аусзуҩцәеи Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшаара аҟәша аусзуҩцәеи  дааныркылеит 1993 шықәса рзы ииз Лазба Алиас Руслан-иԥа.

Иаанкылаз ахаҵа игәаҭараан идырбалеит асистема «Макаров» иатәу атапанчеи уи иацу апатронақәа 9, иара убас зыкапан ҩ-грамм рҟынӡа инаӡо, кокаин ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар згәылаз аилаҳәара. Алиас Лазба имашьына агәаҭараан ирыԥшааит ззеиԥш капан 11 грамм иреиҳау, метадон ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар згәылаз даҽа 22 еилаҳәара.  

Иҟоу аоперативтә дыррақәа рыла, Алиас Лазба Аԥсны иахьаҵанкуа «имаӡоу аҵәахырҭақәа» рыла, амобилтә цҵа  «Телеграмм» ахархәарала, абарҭ ахьӡ ҷыдақәа змаз анаркотикатә каналқәа «Медвежонок», «Таня», «Ора», «Дизель», «Асфальт» и «Магнит» рыла анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭира инапы алакын.  

Анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы Аусбарҭа аусзуҩцәа иара убас Аҟәа ақалақь, Алиас Лазба аамҭала дахьынхоз ауада аҿы, иара убас Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟоу ихатә уада аҿы  аимдарақәа мҩаԥыргеит, иагьырыԥшааит аихырԥсаратә материалқәа, акапанга, иара убас зыкапан 8 грамм рҟынӡа инаӡоз, метадон ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар згәылаз 13 еилаҳәара.

Алиас Лазба анаркотикатә маҭәашьарқәа анаҩс аҭира хықәкыс иҟаҵаны изакәанымкәа аахәара, аҵәахра, аиагара, ажәакала, зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭира, иара убас амцабџьар изакәанымкәа аахәареи аҵәахреи аныҟәгареи рзы ахара идырҵеит. Ахара зду ахаҵа дырбаандаҩуп, иарбоу ашьаус аилыргара мҩаԥнагоит Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә ҟәша.


Read 190 times