Аизара адепутатрахь акандидатцәа рышәҟәҭагалара алагоит алхрақәа рҟынӡа 20 мыш шыбжьоу, иагьхыркәшахоит алхрақәа рымҩаԥгара аҽнынӡа 10-мыш шыбжьоу: жьҭаарамза 20 инаркны жьҭаарамза 29 аҟынӡа.
Адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара зылшо алхратә еиҿкаарақәеи алхыҩцәа раԥшьгаратә гәыԥқәеи роуп. Азакәан инақәыршәаны алхратә еиҿкаара азин амоуп кандидатк алхратә округ аҟынтәи иқәыргылара. Анаплакқәа, аусбарҭақәа, аҵараиурҭақәа рколлективқәа, аҭыԥ аҿы инхо алхыҩцәа ралхратә еиҿкаара аизара азимчы амоуп ҳәа иԥхьаӡахоит уи 50-ҩык иреиҵамкәа алхыҩцәа алахәызар. Алхыҩцәа раԥшьгаратә гәыԥ аҟынтәи акандидат иқәыргылараан хәҩык иреиҵамкәа излахәу аԥшьгаратә гәыԥ аԥырҵароуп. Алхыҩцәа ргәыԥ ақалақь, араион, араион иалоу ақалақь, аҳабла, ақыҭа иатәу алхратә комиссиа аҿы ашәҟәҭагалара иахысуеит. Ақалақь, араион, араион иалоу ақалақь Аизара адепутатрахь акандидат иқәыргылара азы алхыҩцәа ргәыԥ ала акандидат идгыларазы 50 иреиҵамкәа, аха убри аан 70 иреиҳамкәа аокруг алхыҩцәа рнапынҵақәа реизгара алнаршароуп, аҳабла, ақыҭа Аизара ахь акәзар – 10-ҩык иреиҵамкәа алхыҩцәа рнапынҵақәа.
Аҭыԥантәи ахаланапхаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥгахоит абҵарамза 8 рзы.
Ақалақь, араион, араион иалоу ақалақь, аҳабла, ақыҭа аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь адепутатцәа (анаҩс Аизара адепутат) ралхра мандатктәи алхратә округқәа рҿы, зегьы ирзеиԥшу, ирзеиҟароу, ииашоу алхратә зин ашьаҭала имаӡоу абжьыҭарала имҩаԥысуеит.
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рыҟны алхратә комиссиақәа аԥҵоуп, аокругқәа рҳәаақәа шьақәырӷәӷәоуп.
Аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рылахәхара азин рымоуп Аԥсны атәылауаа зегьы алхрақәа рымш азы 18-шықәса зхыҵхьоу.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы» азакәан ахәҭаҷ 2 инақәыршәаны депутатс далххар ҟалоит Аԥсны атәылауаҩ, алхрақәа рымш азы 25 шықәса зхыҵхьоу.
Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы 19 алхратә ҭыԥхадақәа ыҟоуп.
Алхыҩ ижәла, ихьӡ, иабхьӡ, даниз арыцхә, иҭыӡҭыԥ, итәылауаҩшәҟәы аномер ахьарбоу анапынҵаратә бӷьыц аҟны инапы аниҵоит.
Анапынҵаратә бӷьыц шьақәирӷәӷәоит анапынҵамҭақәа реизгара азин змоу ахаҿы (ижәла, ихьӡ, иабхьӡ, даниз арыцхә, иҭыӡҭыԥ, итәылауаҩшәҟәы, ма уи зыԥсахуа адокумент аномер арбаны).
Аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь адепутатцәа ԥшьышықәса ҳәа ҿҳәарас ирыҭаны иалырхуеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит 1998 шықәсазы.