Print this page
вчера 4:28

Адокументалтә фильм «30 шықәса ааҵуаны» аԥхьарбара мҩаԥысит Аҟәа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рфырхаҵареи ргәымшәареи иазку адокументалтә фильм «30 шықәса ааҵуаны» аԥхьарбара ихы алаирхәит.

Афильм амаршал Баграмиан ихьӡ зху Аермантә баталион аветеранцәеи егьырҭ милаҭла иерманцәоу Аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи рлахьынҵа атәы еиҭанаҳәоит, урҭ аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа инадыркны иахьатәи амшқәа рҟынӡа рыԥсҭазааратә мҩа иазааҭгылоит. Ари акиноцәаҳәа авторцәас иҟоуп ажурналист Манана Кокосқьыри арратә оператор Валери  Маиромиани.

Аԥхьарбара рхы аладырхәит иара убас Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиаҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аахыҵ Уаԥстәыла аԥыза-министр Константин Џьуссоев,  атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, аибашьра аветеранцәеи ауаажәларра рхаҭарнакцәеи.


Read 91 times