Print this page
вчера 0:06

Иреиҳаӡоу амилициа ашкол актәи акурс акурсантцәа аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусзуҩ иҭоуба шьҭарҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Иреиҳаӡоу амилициа ашкол акурсантцәа аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусзуҩ иҭоуба шьҭарҵеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҭоубашьҭаҵара  — заԥхьаҟа амилициа аҿы аус зураны иҟоу дарбанызаалак изы акыр зҵазкуа хҭысуп. Абри ахҭыс ашьҭахь акурсант ауаажәларратә шәарҭадара аиқәыршәареи ацәгьоурақәа рҿагылареи рус аҿы аҳәынҭқарратә мчра ахаҭарнак иҭакԥхықәра идҵахоит.

Акурсантцәа дрыдлныҳәалеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут. Уи акурсантцәа ирыдиныҳәалеит ари акыр зҵазкуа ашьаҿа, ирзеиӷьаишьеит агәеицамкра, ламысла, хьыӡла-ԥшала иалырхыз амҩа анысра.

Ажәлари Аԥсадгьыли Азакәани рымаҵ ауразы аҭоуба анышьҭеиҵа ашьҭахь, акурсант аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа азин наӡа змоу усзуҩны дыԥхьаӡахоит.  Шьҭарнахыс иҳараку ахьӡ – амилициа аусзуҩ иаԥсаны иҟоу иавторитети ипрестижи зыдҳәалахо уи ихымҩаԥгашьеи изанааҭдырреи роуп.


Read 63 times - Ашәахьа, 29 Цәыббра 2025 17:01