Владислав Арӡынба ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аахыҵ Уаԥстәыла Анапхгара ахантәаҩы Константин Џьуссоев, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара ахаҭарнакцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәеи иҭахаз аибашьцәа рыуацәеи рҭынхацәеи.