Print this page
30.Цәыббра.2025

Бадра Гәынба Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аҽны Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы аныхәатә аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа 32 шықәса ҵит Аԥсны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәиижьҭеи.  

Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иҟоу 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз аибашьцәа Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Ахада Ихаҭыԥуаҩ  Беслан Бигәаа, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент Ахантәаҩы Лаша Ашәба,  Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы  Беслан Ешба, Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Жәлар Резара-Апарламент адепутатцәа, Алада Уаԥстәыла аԥыза-министр Константин Џьусоев, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Аусмҩаԥгатә иара убас иалахәын Урыстәылатәи Афедерациеи Алада Уаԥстәылеи рыҟнытә ҳаҭыр зқәу асасцәеи аделегациақәеи

32 шықәса раԥхьа, цәыббрамза 30, 1993 шықәса рзы Аԥсуа ар аибашьцәа аҳәаа иаԥну Егры аӡиас аҟынӡа инаӡаны, уаҟа аԥсуа бираҟ ахадыргылеит. 413 мши-ҵхи ицоз ари ашьаарҵәыратә еибашьра Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа атәыла ралцарала ихыркәшахеит.  


Read 89 times - Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 16:37