Print this page
30.Цәыббра.2025

Аҟәатәи аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара хацыркуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аҽны Аҟәатәи аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара хацыркуп.

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи  Урыстәылатәи Афедерациа Азада Иусбарҭа анапхгаҩы актәиихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыбжьара акаҳуажәырҭа  «Брехаловка» иаҭааит.

Иформалтәым  аҭагылазаашьаҟны иаҵаҩын Аҟәатәи аԥшаҳәа комплексла аиҭашьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра, иара убас ақалақьтә инфраструктура аҿиареи егьырҭ азеиԥштә проектқәеи ирылацәажәан.

Уи аԥхьа, аҟәаа еиҳа иалкааны бзиа бзиа ирбо аҭыԥ аҿы игылоу акаҳуажәырҭаҟны ишьақәыргылан аишәа ҿыцқәеи атәарҭақәеи - Сергеи Кириенко иҟынтәи аҳамҭа. Ақалақьуааи акаҳуажәырҭа аԥшәмацәеи «Брехаловка» иарҭо азҿлымҳара ахә ҳаракны иршьеит, иҭабуп  ахырҳәааит иҟаҵоу аиҭашьақәыргыларатә усқәа.

 

 


Read 61 times - Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 20:36