Гагра араион ауааԥсыреи Аԥсны иқәынхо ҳауаажәлар зегьи ишәыдыснҳәалоит Гагра араион ахақәиҭтәра амш. Ари арыцхә наунагӡа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых ианылоит раԥхьатәи иааираны, Аиааира хадахьы ҳназгаз акәны.
Ари ахҭыс ҳаибашьцәа ргәамч шьҭнахит, ҳажәлар ргәы еизнарҳаит, ҳаӷацәа ргәыӷрақәа хнарбгалеит. Ари аиааира аҵакы ахә ашьара уадаҩуп - хықәкыла адунеи зегьы ианарбеит Аԥсны жәлар ахақәиҭра ишазықәԥо, ԥхьаҟатәи рԥеиԥш лашазы хьаҵрак шыҟарымҵо.
Ари аныҳәа амш аҽны ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, зыԥсҭазаара Гагра ахақәиҭтәра иахҭнызҵаз. Ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәәит, русԥшьа ацҵара ҳара иаҳуалԥшьаны иҳаҧхьаӡоит.
Гагратәи араион – Аԥсны мраҭашәаратәи агәашәқәа роуп, уи ҳара ҳгәадуроуп. Иахьа аҿиарамҩа иануп, ахаҿра арԥшӡоит, аинфраструктура аҽаԥсахуеит, аҭагылазаашьа ҿыц аԥнаҵоит аԥсҭазаара аиӷьтәразы. Ари зегьы - Гагра араион атәылауаа рыԥсадгьыл ахь ирымоу абзиабара аанарԥшуеит.
Аҭоурыхтә ҵакы змоу амш аҽны акыр иаԥсоу гаграа, аԥсуа жәлар зегьы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара, аихьӡарақәа!
Ҽаанбзиала шәнеилааит!