Мактина Џьынџьалԥҳа лажәқәа рыла, аҳәынҭқарреи икоммерциатәым асектори рылшарақәа реидҵара хықәкыла ацхыраара азы аеффективра злоу асистема ашьақәыргылара алнаршоит:
«Зны-зынла азҵаара афинансыркра адагьы аҭаацәеи амедицинатә центрқәеи аспециалистцәеи рыбжьара иҭышәынтәалоу алогистикатә еимадарақәа раԥҵарагьы иадҳәалахоит. Ҳаиҿкаарақәа рылшарақәа, рԥышәеи ркомпетенциеи реидҵарала ҳара еиҳа еффективра аҵаны ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара алҳаршоит. Зегьы ирыцку - акризисттә ҭагылазаашьақәа разхьарԥшра мацара акәымкәа, ареабилитациатә уснагӡатәқәа аеффективра злоу амеханизм аԥҵара, асистематә усура ашьақәыргылара ауп».
Ольга Демичиова «Справедливая помощь Доктора Лизы» азы ас еиԥш иҟоу аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра аусура агеографиа аҳәаақәа зырҭбаауа акыр зҵазкуа шьаҿаны иҟалеит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит. Аиҿкаара 15-шықәса инареиҳаны агәыҳалалратә усура аԥышәа амоуп, Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә медицинатә центрқәа аус рыцуразы ишьақәгылахьоу амеханизмгьы амоуп:
«Афонд ала ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа змоу аҭаацәа рыцныҟәара азы аетапқәа зегьы зымҽханакуа акомплекстә система аԥҵоуп: атранспортировка аганахьала ацхыраара инаркны аамҭала аанкылара аҭыԥ аԥшаареи абзазаратә зҵаарақәа рыӡбареи рҟынӡа. Иҟоу алшарақәа зегьы инагӡаны Аԥснытәи ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи ирызнагахоит».
Мактина Џьынџьалԥҳа Ольга Демичиова иҭабуп ҳәа лалҳәеит агәрагареи ас еиԥш хра злоу аԥшьгареи рзы, убри аан уи инаҵшьны иазгәалҭеит аусеицура аҩтәылак ргуманитартә еимадара еиҳагьы ишарӷәӷәо.
***
Афонд «Справедливая помощь Доктора Лизы» — ари аҳақьым Елизавета Глинка (Адоктор Лиза) ҩныда иаанхаз, хәарҭа змам ачымазцәа, атәанчаҩцәа, аконфликтқәа рҿы ааха зауз ахәыҷқәа, уҳәа уахь иналаҵаны, еиҳа иуашәшәыроу ауааԥсыра рхаҭарнакцәа ацхыраара рыҭаразы 2007 шықәса рзы иаԥылҵаз Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаароуп.
Аиҿкаара уи аԥҵаҩы данҭаха ашьҭахьгьы аусура иацнаҵеит, лара лыпринципқәеи лметодқәеи иақәныҟәаны агуманитартәи амедицинатәи ацхыраара ҟанаҵоит.