Print this page
06.Жьҭаара.2025

Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра амармалтәашьтә пты аҿагылара атактика аԥсахуеит.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Амармалташьтә пты Амшын Еиқәа аҿықә иаԥну атәылақәа рҿы ицәырҵит аа-шықәса раԥхьа. Иара рбеит Новороссиски Шәачеи иахьрыҵаркуагьы. Ауаа рзы шәарҭара аҵам.

Аа-шықәса раԥхьа Аԥсны ицәырҵыз амармалташьтә пты араҟа шьаҭанкыла иаабит, ишьагәыҭу ахкы астатус ахь ииасит.  Абас аԥхасҭа зырҿио апты аҿагыларазы астратегиа ҿыц адгалара мҩаԥго аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра аҵиаақәа рыхьчара Амаҵзура аиҳабы Владимир Гьериа.

Ахимиатә хылаԥшра аҟынтәи иԥсабаатәу аҳәаақәҵара аҟынӡа

Владимир Гьериа иажәақәа рыла, раԥхьатәи ашықәсқәа рзы, апты ахыԥхьаӡара акырӡа ианырацәаз, ԥсабаррала урҭ ирҿагылоз ахкқәа анмаҷыз аамҭазы уи ахәырма, алаҳа, амандарина, уҳәа ашәырхкқәа ӷәӷәала ааха анаҭон. Аха аҭагылазаашьа акыр аҽаԥсахит иахьа.  

«Ҳара уи ахала иқәҵуеит ҳәа имцырку агәыӷра ҳамаӡамызт. Аха аамҭак ала хра злоу ахҭысқәагьы ҟалеит – апты зфо амаҵагьы цәырҵит, урҭ апты аҿиара акыр иаԥырхагахеит», — ҳәа иазгәеиҭеит амаҵзура ахада.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит иарбоу аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа хкы ахыԥхьаӡара аԥхьатәи аамҭахәҭақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар акыр ишагхаз, аура ацәыӡ апроцент акыр армаҷра шалыршаз.

Ақыҭанхамҩа Аминистрра иарбоу аԥхасҭа зырҿио апты ақәгара аҿы аинтеграциатә хьчара астратегиа ахь ииасит. Ахылаԥшырҭа есышықәса аԥаратә хархәагақәа азоунажьуеит, еиҳа иуашәшәыроу акультурақәа (араса, ацитрустә шәырқәа, ашәырқәеи ауҭраҭыхқәеи) рыхьчаразы ахимиатә маҭәашьарқәа ррезерв аԥнаҵоит. Уи адагьы иаахәахәоит апты аиҳарак араса аҿы иарҿио аҟәыҟәбаачымазара аҿагыларазы афунгицидқәа. Арҭ апрепаратқәа хәыда-ԥсада ақыҭауааи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аарыхыҩцәеи авегетациа аамҭахәҭазы ирызшахоит.  

Амзартә цәырҵреи напыла аҟәшәареи

Ауааԥсыра ахьынхо аҭыԥқәа рҿы еиԥш урҭ рыкәша-мыкәшеи апты рацәаны реизакра иадҳәаланы жьҭаарамзазы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа далацәажәо аспециалист ари аӡынтәи аҽыԥхьакра иадҳәалоу «амзартә цәырҵра» ауп, уи апопулиациа аизҳара зынӡа иадҳәалаӡам  ҳәа иҳәеит.

«Уи апты ҩаԥхьа иҿиеит ҳәа иаанагаӡом. Уи ахыԥхьаӡара акыр еиҵахеит ԥыхьа аасҭа, аха уажәы ҳазҭоу ҭагалантәи амшқәа рзы ҳара уи аабоит, избан акәзар, уи иара аԥсҭазаашьа иадҳәалоуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Апты аҽыԥхьакра аамҭахәҭазы ақыҭанхамҩа Аминистрра ахимиатә маҭәашьарқәа рхархәара рабжьыргаӡом ақыҭауаа, избан акәзар, иарбоу аамҭазы апты акрафаӡом, иара убри ала ақыҭанхамҩатә ҵиаақәа аԥхасҭа рнаҭаӡом, ахимиатә маҭәашьарқәа ракәзар, хра злоу аентомофауна ықәнагар алшоит.

Ҭагалантәи аамҭахәҭазы апрактикатә уснагӡатәқәа мацара напыла аҟәшәара ауп изыдҳәалахо.

Владимир Гьериа амц-ԥхьакырҭақәа рыҟаҵаразы ажәалагала ҟаиҵеит: ажә-мыжә, ма ақьаадыжә ала ирҭәу, иабац еиқәырҽу аҭрақәа  рхархәара Апты урҭ ирҭаланы рҽыԥхьаркуеит, уи ашьҭахь иарбоу «аԥхьакырҭақәа» амца рыцраҵаны иублыр алшоит.

Ахархәара зауа амаҭәашьарқәа

Аԥхасҭа зырҿио апты активра аамҭахәҭа (ааԥыни аԥхынреи) азы ашәыри ауҭраҭыхи рыхьчара азы ахимиатә усдулара хымԥадатәиуп. Усҟан ақыҭанхамҩа Аминистра есымша арезерв аҿы иҟоу ахимиатә инсектицидқәа рхархәара еиҿнакаауеит.  

Еиҳа лассы-лассы ахархәара зауа амаҭәашьарқәа рахь иаҵанакуеит: 

- «Исперу» (Урыстәыла иҭыжьуп) — ҩ-компонентк рыла ишьақәгылоу акыр аамҭа аус зуа аинсектицид;

- «Зондер» (Европа иҭрыжьуа) — аконтактнтә маҭәашьар.

Апты шьаҭанкыла ақәгара залшом, аха ахыԥхьаӡара акыр илаурҟәыр ауеит ҳәа азырыԥхьаӡеит аусбарҭаҿы.

Владимир Гьериа амармалташьтә пты аҿиара амаиурц ақыҭанхамҩа Аминистрра арезерв аҿы есымша ҩба-хԥа хкы ахимиатә маҭәашьарқәа, иара убас апты иарҿио аҟәыҟәбаачымазарақәа рҿагылара иазку ахархәагақәа ыҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

 

 

 

 

 

 

 


Read 43 times