Print this page
вчера 8:46

Автеринартә маҵзурақәа рзы иҿыцу ахәԥсеилыркаага шьақәырӷәӷәоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла анапхгара зыхә шәатәу аветеринартә маҵзурақәа рзы ахәԥсеилыркаага ҿыц шьақәнарӷәӷәеит.

Иҿыцу ахәԥсеилыркаага абасала ишьақәгылеит:

  • Афатә аалыҵ аиуразы ианырҵо аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи уи иазкым аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рыхәышәтәра;
  • апрофилактикатәи адиагностикатәи аусура;
  • азҩыдатәра (адезинфекциа), адезинсекциеи адератизациеи;
  • аветеринар-санитартә експертиза;
  • аветеринартә усшәҟәқәа реиқәыршәара.

Уажәы иҟоу ахәԥсақәа шьақәырӷәӷәан 2006 шықәсазы.    

 


Read 133 times - Ахаша, 08 Жьҭаара 2025 19:52