Print this page
вчера 10:46

Аԥсны аделегациа Санкт-Петербург имҩаԥысуа акреативтә економика азы Жәларбжьаратәи аконференциа ахы аланархәеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 8 – 9 рзы Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысуеит акреативтә економика азы Жәларбжьаратәи аконференциа. Уи еиднакылоит 30 ҳәынҭқарра рҟынтәи 1500-ҩык инареиҳаны алахәылацәа. Афорум алахәылацәеи асасцәеи рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп — Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба зхадараҿы дыҟоу аделегациа.  

Аконференциа аусуратә программа 50 инареиҳаны аусмҩаԥгатәқәа алагалоуп: астол гьежьқәа, аиндустриалтә дискуссиақәа, апроектқәа рӡыргара, аҟазара-аклассқәа, иаарту адиалогқәа. Афорум алахәылацәа иҷыдоу ахшыҩзышьҭра арҭоит арҿиаратә индустриақәа аекономика, ауаажәларреи жәларбжьаратәи акооперациақәеи ишаныруа.

Аконференциеи афорум «Креативный код. Россия» ихадоу хҭысны иҟалеит жьҭаарамза 8 рзы Ацәыргақәҵатә зал Хад «Манеж» аплошьадка аҿы имҩаԥысуа еидкылоу апленартә сессиа «Креативная экономика России. Горизонт 2050».

Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба аконференциа акульуратә еимадарақәа рырӷәӷәаразы, аԥышәеимадареи еиуеиԥшым атәылақәа акреативтә индустриақәа рхаҭарнакцәа алархәны апартниортә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара, уҳәа рзы иҿыцу алшарақәа аанартуеит.

Акреативтә економиказы Жәлабжьаратәи аконференциа аиҿкаара рхахьы иргеит Астратегиатә аԥшьгарақәа рзы Амаҵзуреи Санкт-Петербург Анапхгареи. Аицеиҿкааҩцәа — Афонд «Росконгресс», Ацәыргақәҵатә зал Хада «Манеж».


Read 85 times