Print this page
сегодня 20:32

IX Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥсны ҭагалантәи аԥшшәхәқәа» аатуеит ААУ аҿы жьҭаарамза 13 рзы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. IX Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥсны ҭагалантәи аԥшшәхәқәа» аатуеит ААУ аҿы жьҭаарамза 13 рзы, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауниверситет ателеграм-канал.

Арт-пленер рхы аладырхәуеит аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа, иара убас Аԥсны, Москва, Санкт-Петербург, Новосибирск, Пермь, Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа рҟынтәи еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ицхыраарала 2013 шықәса раахыс имҩаԥгахо ари апроект аиҿкааҩцәас иҟоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет, Жәларбжьаратәи асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла «Апсны-арт», Амилаҭтә сахьатә галереиа. Сынтәа арт-пленер мҩаԥысуеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҟаиҵо адгыларала.

Апроект ахықәкы хаданы иҟоуп – аԥснытәи асахьаҭыхыҩ қәыԥшцәеи астудентцәеи рылаԥшнаӡара аҳәаақәа рырҭбаара, иара убас аҳәаанырцәтәи рколлегацәеи дареи аԥышәеимадара рыбжьаҵара. Иара убас, аусмҩаԥгатә арҿиаратә еимадарақәа рырҿиареи асахьаҭыхратә традициақәа реиқәырхареи рзы акыр зҵазкуа плошьадканы иҟоуп.

Арт-пленер апрограмма  иалагалоуп анаука-методикатә конференциа «Атрадициақәеи ҳаамҭеи», иара убас анҭыҵтәи апленерқәа. Алахәылацәа Аԥсны аҭыԥԥшӡарақәа ирҭаараны иҟоуп, анаҩс ирбаз ҭагалантәи апеизажқәа рыла арҿиамҭа ҿыцқәа раԥҵаразы.


Read 48 times