Print this page
сегодня 20:32

Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа Светлана Журовеи Алеқсандр Карелини апартиа «Аԥсны акзаара» Аизараду ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасабала Аҟәаҟа иааит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа Светлана Журовеи Алеқсандр Карелини аполитикатә партиа «Аԥсны акзаара» Аизараду ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасабала Аҟәаҟа иааит. Светлана Журовеи Алеқсандр Карелини аҳҭнықалақь аԥшаҳәа иаҭааит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагбеи Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрбеи асасцәа иддырбеит аҳҭнықалақь аԥшаҳәа аиқәыршәазаара апроект, акаҳуажәырҭа «Брехаловка» аҿы акаҳуа ддыржәит.

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа, аполитикатә партиа «Урыстәыла акзаара» алахәылацәа  иахьа, жьҭаарамза 9 рзы имҩаԥысраны иҟоу ареспубликатә политикатә партиа «Аԥсны акзаара» VII Аизараду ҳаҭыр зқәу асасцәаны рхы аладырхәуеит.


Read 55 times