Print this page
09.Жьҭаара.2025

Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә Еилакы актәи аԥхьарала азакәан апроектқәа ԥшьба рыдкыларазы абжьгара ҟанаҵеит.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥшьаша, жьҭаарамза 9 рзы аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә Еилакы аҿы азакәан апроектқәа ԥшьба  ирыхәаԥшит. Аилатәара мҩаԥигеит Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.  

Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла, Аилак алахәылацәа Апарламент ахь иааиуа асессиа аилатәара актәи аԥхьараҿы азакәан апроектқәа ԥшьба рыдкыларазы абжьгара аҟаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.

«Административтә зинеилагарақәа рзы Ареспублика Аԥсны Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 117 аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект атраспорттә хархәагақәа рныҟәцаҩцәа рганахьала аццакра арежим аилагаразы ахараԥсатә санкциақәа рхархәара азԥхьагәанаҭоит.

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ, Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба адепутатцәа ирыдигалеит «Административтә зинеилагарақәа рзы аусқәа рзы аӡбараеиҿкааразы» Ареспублика Аԥсны Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 212 аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. Азакәан апроект акриптовалиута арҳара иазку аусура амҩаԥгаразы Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵара ишьақәнаргыло аԥҟарақәа реилагарала афымцамч ахархәара азы административтә ҭакԥхықәра ашьақәыргылара иадҳәалоуп.

Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵаратә зиншәҟәқәак аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект арыжәтә џьбареи аҭаҭын аалыҵи зықәра наӡам рырхәаахәҭра иадҳәалоу аилагарақәагьы уахь иналаҵаны, иџьбароу арыжәтәи аҭаҭын аалыҵи рыла ахәаахәҭра  аԥҟарақәа реилагаразы, аҭакԥхықәра ашьақәыргылареи актуализациеи рзы аус адулара мҩаԥган.

Аилак алахәылацәа иара убас «Ареспублика Аԥсны Ашьаусмҩаԥгаратә Закәанеидкыла аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект иахәаԥшит. Азакәан апроект иацыз аилыркаагатә шәҟәы ишаҳәо ала, Ареспублика Ашьаусмҩаԥгаратә Закәанеидкыла  ахь аиҭакрақәа уи аԥҟарақәа анаҩс реиӷьтәра, ашьаустә аӡбареиҿкаара азинтә институтқәа реффективра ашьҭыхра, иҟоу абжьахақәеи  аиҿагыларақәеи егьырҭ азинтә ҭышәынтәалара аганахьала иуԥыло агхақәеи, иара убас урҭ ирыдҳәалоу азинхархәаратә практика абжьахақәеи рырҽеира иазырхоуп.

Адепутатцәа апрокурор Хада Адгәыр Агрба апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩыс зыдгалара мҩаԥигаз Дамир Кәыҵниа икандидатура иахәаԥшит.  

Имҩаԥгаз абжьыҭарала Аилак алахәылацәа Апарламент ахь иааиуа асессиа аилатәараҿы иарбоу акандидатура ашьақәырӷәӷәаразы абжьгара аҟаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.

 

 

 

 

 


Read 179 times