Автомашьынақәа Toyota Alphard, Toyota Corolla, Toyota Vellfire, Volksvagen Tiguan, Honda Stepvagon Ганрацәалатәи автомашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы аҳазалхратә ҳәаа ахысраан иаанкылан.
Амашьынақәа рымхара мҩаԥган еиуеиԥшым аҳазалхратә ԥҟарақәа реилагара афактқәа рыла: аҳәаанырцәтәи атранспорттә хархәагақәа аамҭалатәи ралагалара аҽҳәара аилагара, иҵәахны аҭаҭын аалыҵ аиагара аҽазышәара, атауар даҽа тауарк аԥшра аҭаны аиагара аҽазышәара. Аӡбарҭа азыӡбала атранспорттә хархәагақәа зегьы аконфискациа мҩаԥгоуп, урҭ аҳәынҭқарра ахатәраны иазхаҵоуп.
Иахәҭоу аусшәҟқәа реиқәыршәара ашьҭахь, аҳазалхра аусзуҩцәа аконфискациа зызуз амашьынақәа зегьы атәылахьчара Аминистрра ахаҭарнакцәа ирырҭеит.