Авариа ҟалеит Аҟармара аҳабла аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
«Амашәыртә хҭыс азы Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь адырра ҟалеит асааҭ 12:48 рзы. Аиқәырхаҩцәа иаразнак амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь идәықәлеит. Урҭ зыҵауалара 50-метр рҟынӡа инаӡоз аҩхаа аҟынтәи ишьҭырхит х-ҩык ааха зауз ауаа, иҭахаз туристкак лыԥсыбаҩгьы уахь иналаҵаны. Ԥшьҩык рхала ихалеит», - ҳәа иазгәаҭоуп адырраҭара аҿы.
Ааха зауз зегьы Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭахь инагоуп.