Аусмҩаԥгатә мҩаԥысит акультура Аҩны аҿы иҟоу, ааигәа еиҭашьақәыргылахаз зхы иақәиҭу аиқәԥаразы азал аҿы. Азал аиҭашьақәыргылара мҩаԥган Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иаԥшьгарала.
Алеқсандр Карелин иаара акыр зҵазкуа хҭысны иҟалеит. Уи иаднаԥхьалеит Аԥсны зегьы аҟынтәи аспортсмен ҿарацәа. Аҟазара-акласс аҿы иара «алахәылацәа ирзеиҭеиҳәеит имаӡоу аҽазыҟаҵара априомқәа ртәы, иара убас ирзеиҭеиҳәеит ихаҭа дызнысыз аспорттә мҩа атәы, иара убас аиқәԥара аклассиканы иԥхьаӡахаз априиомқәа лабҿаба идирбеит», ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.