Владимир Владимиров иажәақәа рыла, Аԥснытәи ахәышәтәырҭаҿы иаанханы иҟоуп ԥшьҩык ааха зауз атуристцәа, урҭ иахәҭоу амедицинатә цхырара рырҭахьеит. Ацхыраара ҟарҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Ҟәбина агубернатор Вениамин Кондратиеви.
«Урҭ Шәачаҟа ииагахоит. Апациентцәа рҭагылазаашьа маҷк ишҭышәынтәалахалак еԥшҵәҟьа ҳара урҭ Ставропольҟа ииаҳгоит. Уи азы асанитартә авиациа ахархәара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп», - ҳәа иҳәеит арегион ахада.
Владимир Владимиров иара убас авариаҿы иҭахаз атуристка лыуацәеи лҭынхацәеи дрыдышшылеит.
Жьҭаарамза 9 рзы Ҭҟәарчал араион Аҟармара аҳабла азааигәара атуристтә микроавтобус ахылаӷьара иҭаҳаит. Уи иҭан аекскурсиаҟа ицоз Ставропольтәи атуристцәа. Иҟалаз амҩа -транспорттә машәыр иахҟьаны ԥҳәыск дҭахеит, егьырҭ ауаа еиуеиԥшым ахәахәарақәа роуит.