Аԥсны ахьӡала афестиваль рхы аладырхәит Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресси Аԥсны арҿиаратә ҿар Реидгылеи.
Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаахеит Аԥсны анаукатәи асахьаркыратәи алитература, аԥсуа милаҭтә музыкатә инструментқәа рцәыргақәҵа. Ахәаԥшцәа даараӡа иргәаԥхеит аконцерттә номерқәа – аԥсуа шәақәа рзы апопурри, иара убас угәы шьҭызхуа аԥсуа кәашарақәа.
Астол гьежь «Кавказ акультуратә ҭынха жәларбжьаратәи аҳәоуеиқәшәара афактор аҳасабала» («Культурное наследие Кавказа как фактор межнационального согласия») ажәларқәа рыбжьара аилибакаара арӷәәӷара аҿы атрадициақәа инарыгӡо ароль иалацәажәеит.
«Ас еиԥш иҟоу афестивальқәа лабҿаба иаадырԥшуеит акультура ажәларқәа еимаздо цҳаны ишыҟоу. Агәра ганы сыҟоуп, ҳарҿиаратә ҿар ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рылахәхара амилаҭбжьаратә диалог арӷәӷәара акыр зҵазкуа алагала шаланагало, насгьы акультуратә ҭынха аԥшӡареи абеиареи инагӡаны раарԥшра шалнаршо», – ҳәа иазгәеиҭеит Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Еқьзақь.
Афестиваль рхы аладырхәит Абзагә Ҵәыџьба, Ҭамаз Кетиа, Викториа Даурова, Елизавета Логәуа, Софиа Габлиа, Ирина Багаҭелиа, Саид Шәлымба, Аслан Сланов.