Print this page
29.Жьҭаара.2025

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара Автоҳәынҭинспекциа ахь ахыдҵақәа арӷәӷәоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аҿы Аҳәынҭинспекциа ахатәы еилазаара амаҵзура анагӡареи адисциплина аҩаӡареи рышьҭыхра иазкны аилатәара мҩаԥысит. Атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Робет Кьиут акадртә еилазаара  аиӷьтәреи амҩатә шәарҭадара арӷәӷәареи иазкны азԥхьанҵақәа ҟаиҵеит. Аилатәара рхы аладырхәит Автоҳәынҭинспекциа аусура ахылаԥшра азҭо аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа, иара убас Аусбарҭа аппарат Хада анапхгаҩцәа, Амҩа-ԥыԥшратә Маҵзура аԥыԥшырҭақәеи араионтә ҟәшақәеи рнапхгаҩцәа. Роберт Кьиут ихадоу ахыдҵақәеи аҭагылазаашьақәеи аликааит. Аминистр аҳәынҭқарратә номерқәа змам атранспорт алкаара аԥхьа иргыланы иҟаҵатәу усуп ҳәа иазгәеиеит. Уи аномерқәа рыҟамзаара, аиҳарак ареспублика мраҭашәаратәи ахәҭа аҿы, лассы-лассы амашьнырныҟәцаҩцәа аилагарақәа раарԥшра ацәцаразы ирымоу агәҭакқәа ирыдҳәалахоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. «Ашәҟәҭагаларатә дыргақәа рыда иныҟәо амашьынақәа зегьы иаанкыланы изтәу ирымхлатәуп», - ҳәа адҵа ҟаиҵеит Роберт Кьиут.

Адисциплине ахылаԥшреи

Иазгәаҭан Автоҳәынҭинспекциа ахатәы еилазаара зегьы алархәны ареидтә усмҩаԥгатәқәа рырӷәӷәара шазԥхьагәаҭоу. «Автоҳәынҭинспекциа анапхгара зегьы, анапхгаҩцәа зегьы аԥыԥшра рхы аладырхәлароуп. Аӡәгьы апривилегиа иоуӡом. Адҵақәа назмыгӡо аусзуҩцәа  рганахьала акадртә ӡбамҭақәа рыдкылахоит», – ҳәа агәҽанызаара ҟаиҵеит аминистр.

Акритикеи апроблематә зонақәеи

Роберт Кьиут аҟәшеиҵақәак русура ӷәӷәала дақәыӡбеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп:

  • иҷыдоу амҩаԥгаразы арота. Аусура арбагақәа аҩаӡара лаҟәуп, аиқәыршәара бзиа шамоугьы. Аминистр алҵшәа бзиа аарԥшра иазырхоу, еиқәшәоу аусура аҟазаара ибаӡом.
  • Мрагыларатәи ахырхарҭеи авариақәеи. Очамчыратәи ахырхарҭала амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа реизҳара азгәаҭоуп. Убри аан Ԥсоуи Аҟәеи еимаздо амҩаду аҿы автофиксациа акамерақәа рышьақәыргылара инамаданы амҩатә машәыртә хҭысқәа рхыԥхьаӡара агхазар, мрагыларатәи ахәҭа аҿы акамерақәа рышьақәыргылара алыршахаанӡа излауа ала ирацәаны Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа рыҟазаара алыршазароуп.
  • Астационартә ԥыԥшырҭақәа русура. Аминистр аԥыԥшырҭақәа русура азымхара шыҟоу, автоматизациа зызу афото-видео шьақәыргылараа система аусура иахәҭоу аҩаӡараҿы ишыҟам азгәеиҭеит.

Анапхгараҭара хаҭалатәи рҭакԥхықәра

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩцәеи Автоҳәынҭинспекциа анапхгара ахаҭарнакцәеи хаҭалатәи рҭакԥхықәреи ахылаԥшра аҩаӡареи рышьҭыхразы адҵа риҭеит. Аминистр автоҳәынҭинспекциа Аусубарҭа аусура ахылаԥшра ҭакԥхықәраны изду ихаҭыԥуаҩ «Автоҳәынҭинспекциа аусура аԥсыҽреи амҩа-транспорттә машәырқәа рхыԥхьаӡара ацлареи ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭарц азгәеиҭеит.  Аминистр иажәақәа рыла, «уи ахылаԥшра аԥсыҽжра иадҳәалоуп».  Аминистр иара убас  Автоҳәынҭинспекциа анапхгаҩцәа рхатәы ҿырԥштәы ала егьырҭ аусзуҩцәа аусушьа ддырбалароуп, егьырҭ реиԥш даргьы аԥыԥшра рхы аладырхәлароуп ҳәа иазгәеиҭеит. Ачаратә картежқәа ирыдҳәаланы ицәырҵуа ауадаҩрақәа рганахьала аԥсшьарамшқәа раан аԥыԥшра арӷәӷәара, убри аан ареидқәа рахь аоперативтә ҟәшеиҵақәа  русзуҩцәа, аминистр  ихаҭыԥуаҩцәа, иара убас ахатәы еилазаара аус рыдуларазы аминистр ихаҭыԥуаҩцәагьы радыԥхьалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.  Ҷыдала ахшыҩзышьҭара аҭахоит арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы зку амашьынарныҟәцаҩцәа раарԥшреи раанкылареи. Ҳазҭоу ашықәс жәымз рыҩныҵҟа амашьына арныҟәцаразы азин рымхын 1300-ҩык ижәны амашьына аԥсҟы зкыз, урҭ рахьынтә 80-ҩык инареиҳаны аҩынтәраан аҭакԥхықәра иақәыршәоуп.  

Акадртә ӡбамҭақәеи аттестациеи

Аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа Автоҳәынҭинспекциа аҟәшеиҵақәеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра араионтә ҟәшақәеи рҿы акадрқәа рротациа асхема аус адуларазы адырра ҟаиҵеит. Хара имгакәа Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа зегьы хаҭа-хаҭала атесстациа иахысуеит рмаҵураҭыԥ ашьашәалара инамаданы. Уахь иаҵанакуеит анапхгаҩцәагьы. «Ҳара шәазыҟаҳҵоит, аусушьа шәҳарбоит, мап анакәха, уи мап ацәызкуа аӡә дҟалозар, урҭ даҽа ҭыԥк ахь аусураҳәа ииасыр акәхоит», – ҳәа еизаз ргәырҽаниҵеит Беслан Ҷкадуа. Аминистр ари аԥшьгара дадгылеит, убри аан уи инаҵшьны иазгәеиҭеит акадртә ӡбамҭақәа анапхгаҩцәа рыла ишалагатәу, избан акәзар еиҳа иазыҟаҵоу аусзуҩцәа аус дырура – ари амаҵзура аеффективра ашьҭыхразы хра злоу ԥышәоуп.

 

 

 

 


Read 184 times - Амҽыша, 02 Абҵара 2025 20:03