Print this page
08.Рашәара.2022

АЛХАС ҲАГБЕИ АЛМАС АКАБЕИ АԤСНЫ АӠБАРҬАҚӘА РЫКВАЛИФИКАЦИАТӘ КОЛЛЕГИА АХЬ ИАЛХУП, ДМИТРИ АМАРШЬАН - АԤСНЫ АДУКАТЦӘА РПАЛАТА АҞНЫ ИҞОУ АКВАЛИФИКАЦИАТӘ КОМИССИА АХЬ ДАЛХУП.

Аҟәа. Рашәарамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аилатәара аҿы ззинмчы аҽҳәара хыркәшахаз афбатәи ааԥхьара адепутатцәа  рмыцхәрас адукатцәа Рпалата аҟны иҟоу Аквалификациатә Комиссиеи аӡбаҩцәа рыквалификациатә комиссиеи Апарламент аҟынтәи алахәылацәа ралхра азы Ақәҵара рыдыркылеит. 

Убас, Апарламент Ақәҵарала: адепутат Дмитри Амаршьан Аԥсны Аҳәынҭқарра адукатцәа Рпалата аҟны иҟоу Аквалификациатә Комиссиа аилазаара далагалоуп;

Адепутатцәа Алхас Ҳагбеи Алмас Акабеи Аԥсны аӡбҩцәа Рыквалификациатә коллегиа ахь иалырхит.    


Read 1711 times