Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«1612 шықәсазы иҟалаз афырхаҵаратә хҭысқәа ргәалашәара иазку амилаҭтә акзаара Амш, адәныҟатәи ашәарҭарақәа рҿаԥхьа милаҭрацәалеи динрацәалеи еилоу Урыстәыла ажәлар реидгылареи аҭоурыхтә гәалашәареи ирсимволны иҟоуп. Иахьтәи аамҭазтәи аԥышәарақәа рҿаԥхьа, Урыстәыла иқәынхо ажәлар ауаатәыҩсатә доуҳатә мазарақәеи атрадициақәеи шьаҭас иҟаҵаны аҽеидкылара рылшоит, уи ииашаҵәҟьаны, зсуверенитети зхаҭара ахьчареи зҽазызшәо егьырҭ ажәларқәа рзы иҿырԥшыгоуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра даара рыхә ҳаракны иашьоит Урыстәылатәи Афедерациеи иареи ирыбжьоу астратегиатә еиҩызареи аиашьаратә еизыҟазаашьақәеи. Ҳара агәрагара ду ҳамоуп, иаҳзеиԥшу аҭоурыхтә гәалашәара, агәреибагара, аиашареи атрадициатә ҵакқәеи рыхьчара ирыҵанакуа ҩганктәи ҳусеицура ҩганктәи ҳаинырра арӷәӷәараҿы ихадоу факторны ишыҟоу».
