Print this page
04.Абҵара.2025

«Август» Аҟәа ақалақь аҿы: акино агәалашәара иазку еицәажәараны ианыҟалаз ахәылԥаз.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ахәылбыҽха абҵарамза  3 рзы кәапеишәа иҭәын. Асцена аҿы – аекран, азал аҿы — еиуеиԥшым абиԥарақәа ирыҵанакуа ауаа: аветеранцәа, астудентцәа, аԥсшьаҩцәа, иара баша акино абзиабаҩцәа.  Аҳауа иалоуп — агәырӷьара азыԥшра. Араҟа иахьа иддырбараны иҟоуп Владимир Богомолов ироман «В августе сорок четвёртого» амотивқәа рыла иҭыху урыстәылатәи афильм «Август». Акино арбара Жәлар ракзаара Амшныҳәа иазкхеит — ари аныҳәа Аԥсны формалла мацара акәымкәа, атәылақәеи ауааи еидызкыло агәаларшәара аҳасабала иазнеиуеит.

Асеанс аламҭалазы Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы аофициалтә Хаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо  Татиана Степанова Аԥсни Урыстәылеи рзы ари баша акино акәӡам ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит:

«Афильм ҳажәларқәа иаадырԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи ртәы угәаланаршәоит, ҳаидызкыло агәалашәара ахь ҳхьанарԥшуеит», -ҳәа илҳәеит лара.

Алашара аныцәа аекран ааихалашеит, ауаа рыҽдырҭынчит иҟало иазыԥшны. Аекран аҿы —нанҳәамза, 1944 шықәсазтәи аамҭа аацәырҵит. Ари аҭоурых агәыцә шьақәдыргылоит дара иртәу рыбжьара ашпионцәа рыԥшаара иаҿу аконтԥшыхәра афицарцәа. Аха заҟа уахәаԥшуа аҟара, убри аҟара еиҳа еилукаауеит: ари акино ашьҭазаареи адҵаҟаҵарақәеи ирызкӡам. Ари — ауаҩра, аамсҭашәара, аиашара атәы зҳәо сахьоуп.

Ахәаԥшцәа еиԥшӡамкәа ари асахьа рыдыркылеит. Џьоукы аенергетика ӷәӷәеи актиорцәа рҟазареи, аиаҳарак Никита Кологривыи (Таманцев) иҟазара иалацәажәон. Егьырҭ здокументалтә стиль ала еицырдыруа Владимир Богомолов ироман атрактовка аганахьала аимак-аиҿак рызцәырҵит. Аха аиҳараҩык еиқәшаҳаҭны иазгәарҭон: «Август» ауаҩы ихәыцрақәа, ицәаныррақәа ӷәӷәала иарцыхцыхуеит.

Асеанс ашьҭахь ауаа ԥыҭрак еилыҵуамызт. Афоие аҿы абас еиԥш ажәақәа: «агәалашәара», «аиаша», «ҳара ҳтәқәа» уаҳауан. Џьоукы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы еибашьуаз рабдуцәа ргәаладыршәон, џьоукы ргәы ԥшааны зҿаазхаз рылаӷырӡқәа ааԥхьарҳәон.

Аусмҩаԥгатә аиҿкаара рхахьы иргеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра, Урыстәыла акультура Аминистрра, Аԥсны акультура Аминистрра адгыларала акино Афонд.

Азал анҭацәгьы, аекран аҿы макьана атитрқәа ацәырҵра иаҿын. «Август» — дарбанызаалак игәаланаршәоит аиааиреи агәалашәареи рҵакы.

«Август» — 2025 шықәсазы Владимир Богомолов ироман «В августе сорок четвёртого» (или  «Момент истины») амотивқәа рыла иҭыхыз урыстәылатәи асахьаркыратә фильм ауп.

Арежиссиорцәа: Никита Высоцки, Илиа Лебедев. Асценари: Сергеи Снежкин.

Апродиусерцәа: Анатоли Максимов, Константин Ернст.

Арольқәа нарыгӡон: Никита Кологривыи, Сергеи Безруков, Павел Табаков, Даниил Воробиов.

Урыстәыла ари афильм аԥхьарбара мҩаԥган цәыббрамза 25, 2025 шықәса рзы.  

 

 

 

 


Read 245 times