Автомашьына Mercedes-Benz аԥсҟы зкыз Баграт Бармышаа, иџьбароу арыжәтә ыжәны дшыҟаз, ганкахьала аныҟәара иазкыз Арӡынба имҩахь дцәырҵит. Змашьына аццакра 110 км/с иреиҵамыз, иара Џьонуа имҩа аихысырҭахь данцәырҵ, Коӷониа имҩаҟынтәи Џьонуа имҩа аганахьала иаауаз, 1999 шықәсазы ииз Ачба Лиана Гиви-иԥҳа зыԥсҟы лкыз автомашьына Hyundai Tucson даахеит. Иҟалаз амҩа-транспорттә машәыр иахҟьаны ахәахәарақәа зауз Ачба Лиана ахәышәтәырҭахь днаргеит.
Ареспубликатә хәышәтәырҭа адкыларҭа ахь инагаз Баграт Бармышаа ихала ахәышәтәырҭа ааныжьны еилкаам ахырхарҭала дцеит.
Баграт Бармышаа дахьыҟоу аҭыԥ аилкаареи иаанкылареи рзы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит.
